Ажәабжь ҿыцқәа

29 September 2023 350 Анотақәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра инамаданы.
29 September 2023 276 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Молдавиатәи Приднестровиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, апартниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра 6 шықәса ахыҵра апресс-релиз
Цәыббра 29, 2023 шықәсазы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥган Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоеви реиԥылара.
20 September 2023 182 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика амш.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Гондурас ахьыԥшымра 202-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Гондурас ацҳаражәҳәаҩ Скарлет Ромеро инаԥхьарала цәыббра 15 рзы.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра 202-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 15 рзы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра Амш инамаданы адныҳәалара ҟанаҵеит.
15 September 2023 333
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҟәа араион активи 13.09.2023 шықәсазы реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо аҽазышәара уын иқәгылара аҽа ҵаҵӷәык аҭазарц, аиҳаракгьы аинформациа анонимтә хыҵхырҭақәа рҟынтәи, аконтекс иалжәаан иган иқәгылара ахәҭақәа.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа далахәын Ареспублика Никарагуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә церемониа.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнаӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Барбадос Ахаҭарнакра ааԥхьарала иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: