Ажәабжь ҿыцқәа

Лаҵарамза 22 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу Ахаҭарнакраҿы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ранацәеи Аԥснытәи аделегациа аилазаара иалахәны Ҭырқәтәыла иаҭааны иҟоу аҳәса-аветеранцәеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара рхы аладырхәит аделегациа алахәылацәа: Ааԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаа Бастаҟәа Агрбеи Асҭамыр Багаҭелиеи, арепатриациазы Афонд адиректор ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Анқәаб, азеиԥш ҟәша аспециалист хада Ирина Лашәриаԥҳа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Нарсоу Салаҟаиа.
21 May 2026 60
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив, Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟоу амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара.
21 May 2026 83
Иракли Ҭыжәба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба.
21 May 2026 59
Лаҵарамза 21-Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Иамшуп. Иахьа ари амш иазку агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит.
20 May 2026 83 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Заратәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара Амш инамаданы адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит.
Лаҵарамза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Гаити Ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Гаити аҳәынҭқарратә бираҟ Амш 223-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
Лаҵара 19 рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Асоциалтә Программақәа Рыдгыларазы Амилаҭтә Фонд Анапхгара ахантәаҩы Андреи Сергееви Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Таимураз Тадтаеви реиԥылара. Аиԥылара рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи.
Лаҵара 19 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-рраунд аламҭалазы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара.
Лаҵарамза 18 рзы Москва ақалақь ахь Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилак рхантәаҩы Григори Карасини иареи реиԥылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: