Ажәабжь ҿыцқәа
Аҳәынҭқарразы аполитикатә ҭышәынтәалара аҵак ду амоуп, аԥсуа жәлар ирыхҭыргахьоу аҳаҭыр абаразы мацаразгьы, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
25 May 2023 234
Санкт-Петербург Аԥсны Ахаҭарнакра аартхоит ҳәа иҳәеит Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынба.
22 May 2023 413
2023 шықәса лаҵара 19 азы Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩцәа Кан Ҭаниеи Вито Гриттани италиатәи ателехәаԥшра Canale Italia апрограмма Notizie Oggi рҽаладырхәит.
Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы раԥхьатәи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ, иахьазы Таџьикистан Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Семион Григориев Инал Арӡынба идиныҳәалеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30-шықәса ахыҵра аныҳәамш.
2023 шықәса лаҵара 18 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба даҭааит Аԥсны иҟоу Ареспублика Никарагуа Аҳаҭыртә Консулра, Ареспублика Никарагуа амилаҭтә фырхаҵа Аугусто Сандино диижьҭеи 128-шықәса аҵра инамаданы.
Лаҵара 18 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсни Никарагуеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа реиԥылара.
18 May 2023 397
2023 шықәса лаҵара 17 азы Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахьӡала адныҳәалара ааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.