Ажәабжь ҿыцқәа
2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Колумбиа ацҳаражәҳәаҩ Мильтон Ренгифо инаԥхьарала, Ареспублика Колумбиа ахьыԥшымра Амш 215 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 19 азы, Асандинисттә револиуциа Аиааира агара 46 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци ателехәаԥшратә медиа-холдинг «Телесур» ахада Патрисиа Вильегаси еиԥылеит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 19 азы, Асандинисттә револиуциа Аиааира агара 46 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинтои еиԥылеит.
Асандинисттә револиуциа аиааира 46 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа разгәаҭара иалахәхаразы, Ареспублика Никарагуа ахада Даниель Ортега инаԥхьарала, официалла атәыла иаҭааз, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа 2025 шықәса ԥхынгәымза 19 азы арҭ аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩы Олег Барцыц Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба дырԥылеит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барциц напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Ареспублика Никарагуа ахада Даниель Ортега инаԥхьарала, официалла атәыла иаҭааит, Асандинисттә револиуциа аиааира 46 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа разгәаҭара иалахәхаразы. Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Никарагуа аофициалтә хаҿқәеи, абизнесеилазаара ахаҭарнакцәеи дареи реиԥыларақәа жәпакы азыԥхьагәаҭоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани иахь хаҭалатәи ашәҟәы ишьҭит.
2025 шықәса ԥхынгәы 7 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Андреи Молчан инаԥхьарала, Белоруссиа ахьыԥшымра Амш азгәаҭареи Белоруссиа аҵакырадгьыл анацисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра 81 шықәса ахыҵра азгәаҭареи ирызкыз ауснагӡатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ԥхынгәы 5 азы Берлин ақалақь аҿы еиуеиԥшым акультурақәеи ажәларқәеи рхаҭарнакцәа еидызкылаз аҭаҭарцәа рмилаҭтә ныҳәа «Сабантуи» азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит Германиатәи Афедеративтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа.