Ажәабжь ҿыцқәа
10 November 2025 6
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Кьиут азанааҭтә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа раԥҵара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женеваҟа инеиит, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд алахәхаразы.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу аԥсуа-черқьестә уаԥшьи рыбжьара асоциалтә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии аполитикатә зҵаарақәа рзы Адепартамент ахаҭарнак Аҳмад Бадауи Алеппо ақалақь аҿы иҟоу Ачерқьестә гәыҳалалратә Еилазаара аштаб-квартира иаҭааит.
7 November 2025 38
Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ВДНХ аҟны зеиҭашьақәыргылараз аусурақәа мҩаԥысуа апавильон «Аԥсны» аҭагылазаашьа гәеиҭеит.
Апровинциа Алеппо аҭаараан, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али апровинциа Алеппо аполитикатә усқәа рзы Анапхгараҭара адиректор Ибраҳим Ибраҳим диԥылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хада Ирина Агрбеи аколлективи АТ ашьаҭаркра амш рыдиныҳәалеит.
5 November 2025 42
Аспортсменка Софиа Боџьгәуа абҵарамза 12 инаркны 14 рҟынӡа Пекин имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи атурнирқәа – «Небесная грациеи» Beijing Top Open - 2025 дрылахәхоит. Уи уахь Аԥсны Аҳәынҭқарра асахьаркыратә гимнастика Афедерациа ддәықәнаҵоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы нарышьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амилаҭтә ныҳәа, жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.