Ажәабжь ҿыцқәа
2025 шықәса ԥхынгәы 7 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Андреи Молчан инаԥхьарала, Белоруссиа ахьыԥшымра Амш азгәаҭареи Белоруссиа аҵакырадгьыл анацисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра 81 шықәса ахыҵра азгәаҭареи ирызкыз ауснагӡатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ԥхынгәы 5 азы Берлин ақалақь аҿы еиуеиԥшым акультурақәеи ажәларқәеи рхаҭарнакцәа еидызкылаз аҭаҭарцәа рмилаҭтә ныҳәа «Сабантуи» азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит Германиатәи Афедеративтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев иирамш идиныҳәалеит.
7 July 2025 38
Ԥхынгәы 4 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусура ахацыркра арыцхә инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ Асҭамыр Асабуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа “Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку адәныҟатәи аполитика анагӡараҿы ароль” аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра амедал ианашьоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Ҭаџьикисҭан иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев ииубилеи идиныҳәалеит.
2025 шықәса рашәара 26 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара шьаҭаркуижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны, Венесуелатәи аган аԥшьгамҭала «Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа ахьчаразы аиҩызцәа Ргәыԥ» алахәылацәа еиҿыркааз аиԥылара ихы алаирхәит.
27 June 2025 56
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганбеи аконсултә Департамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Цымцбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ақәҵара № 1510 (07.11.2024ш.) «Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ауааԥсыреи ралалареи ралҵреи рзы аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи ргәаҭаразы аексперимент амҩаԥгаразы» амчра аиура иазку, авидеоконференциа аформат ала 80 ҳәынҭқарреи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа алархәны Урыстәыла ацифра аминистрра еиҿнакааз абрифинг рхы аладырхәит.
2025 шықәса рашәара 26 азы, Женева ақалақь аҿы, Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд аҩбатәи аусуратә мшы мҩаԥган.
27 June 2025 65
Шьамтәылатәи Арабтә Республикахь аусуратә визит аан, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц даҭааит аԥсуа хылҵшьҭра змоу, еицырдыруа шьамтәылатәи ашәҟәыҩҩы Фадиль Арҩҭаа инышәынҭра, ҳаҭырлагьы дигәалаиршәеит.