Ажәабжь ҿыцқәа

15 August 2025 125
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Гәдоуҭа ақалақь аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Тирасполь, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакра хыбраҿы 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагара иазку атематикатә баннер зкыду амемориалтә ҭыԥ аадыртит.
14 August 2025 111
Нанҳәа 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви ҭелла еицәажәеит.
2025 шықәса нанҳәа 12 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр инапхгарала имҩаԥысыз аилатәара далахәын. Аилатәараҿы Еиду Америкатәи аштатқәа реиҳабыра Венесуела аҭагылазаашьа ашьақәҟьаразы иҟанаҵо аҽазышәара атәы иалацәажәеит.
14 August 2025 91
Иахьа, нанҳәа 14 азы, 33 шықәса ҵит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа рхы аладырхәит.
Нанҳәа 8 азы, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакра еиҿнакааит Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анаԥхгаҩы Саид Ҵнариеи Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амиграциатә усбарҭа аиҳабы Светлана Пысинеи онлаин реиԥылара.
11 August 2025 228
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавказнхыҵтәи аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы Аԥсны Аделегациа аиҳабы, аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Одиссеи Бигәаа Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иҳәамҭазы иҟаиҵаз аофициалтә хҳәаа.
8 August 2025 162 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адашшыларатә шәҟәы рышьҭит 2008 шықәса нанҳәамзазы иҟалаз арыцҳаратә хҭысқәа жәибжь шықәса рхыҵра инамаданы.
8 August 2025 255 Анотақәа
17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәамза 7-8 руха, адунеи иахыҵәеит ажәабжь – Қырҭтәыла Арбџьармчқәа ҭынч ацәа иалаз Цхинвал ақалақь бзарбзанла иалахысуа ажәылара мҩаԥнагеит ҳәа. Ари ҵаҵӷәы змамыз агрессиа шәҩыла аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаара иалнахит, арегион ауааԥсыра зегьы ргәаҵаҿы ӷьашьа змам ахәра ӷәӷәа азааннажьит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистрра-абжьгаҩ Алиас Аибеи Боливиа ахьыԥшымра ҩышә шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит. Аусмҩаԥгатә Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра азал Сандино аҿы имҩаԥысит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: