Ажәабжь ҿыцқәа
Ԥхынгәымза 19, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Асандинисттә револиуциа 47-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа рхы аладырхәит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Денис Роналдо Монкад Колиндреси Вальдрак Лиудвинг Џьентск Уитакери дрыдныҳәалеит Асандинисттә револиуциа Аиааира 47 шықәса ахыҵра инамаданы.
17 July 2026 5
Кавказтәи ассоциациақәа Рфедерациа аделегат (КАР), Аднан Мендерес иуниверситет адоцент, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Ельчин Аӡынԥҳа, ашьагәыҭ жәларқәа рзинқәа рыхьчаразы Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аексперттә механизм 19-тәи асессиа лхы алалырхәит (ԥхынгәымза 13-17, 2026 ш.)
17 July 2026 6
Ԥхынгәымза 17, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа иҭара иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
17 July 2026 30
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феликс Рамон Пласенсиа Гонсалес идиныҳәалеит Венесуела Адәныҟатәи аусқәеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистрс иҟалара.
14 July 2026 46
Ԥхынгәымза 14, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков диԥылеит.
13 July 2026 33
Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет (ИУОГУ) аҿы Ниурнбергтәи апроцесс ахыркәшара 80-шықәса ахыҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ниурнберг: ареабилитациа азин ыҟамкәаа» мҩаԥысит.
Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара мҩаԥысит.
13 July 2026 30
Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихы алаирхәит ашәҟәы «Иҳаҩсхьоу аҵабырг» аӡыргара.