Ажәабжь ҿыцқәа
Москватәи аԥсуа диаспора аофис аҿы имҩаԥысит аилатәара, уи рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи. Сергеи Шамбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара алҵшәақәа аусмҩаԥгатә амшхәаԥштә акәны иҟан.
Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа «Аиҩызара аорден» ианашьара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Аҳамҭа ианеишьеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев. Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ихы алаирхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба.
4 October 2024 6
Даараӡа иҭабуп... Шәара шәхаҭа ишәгәалашәеит шәареи сареи ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анҳабжьаҳҵоз аамҭақәа, анаҩс уи ашьҭахь ҳусбарҭақәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анҳабжьаҳҵаз аамҭақәа. Ари аамҭахҵәаха, ҳәарас иаҭахузеи, ҳажәлар рзы лахьынҵан, избан акәзар, ҳажәлар рабиԥарақәа жәпакы ахьыԥшымразы ирымаз аԥхыӡ наӡеит.
Никарагуа иҟоу Гондурас Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи Гондурас амилаҭтә фырхаҵа аинрал Франсиско Моразан Куесада диижьҭеи 232-шықәса аҵра иазку ацеремониа рхы аладырхәит.
3 October 2024 28
Жьҭаара 1 инаркны 4 рҟынӡа Москва ақалақь аҿы “Абиԥара ҿыц” апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит VIII-тәи Евразиатәи адипломатцәа ҿарацәа Рфорум.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба усуратә визитла Москваҟа дцеит.
Жьҭаара ԥшьба рзы Сергеи Шамбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥгахоит. Иҟалараны иҟоу аиҿцәажәарақәа раан аминистрцәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәоит.
Иацы Израиль АҲМ Голантәи аҳаракырақәа рганахь ала Дамаск, Мезе араион аҿы иҟоу анхарҭатә хыбра иажәлеит. Ари араион аҿы Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭагьы налаҵаны, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рдипломаттә миссиақәа ыҟоуп. Хҩык ауаа ҭахеит, хҩык– ироуит ахәрақәа.
Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов идипломатиатә миссиа ахыркәшара иазкыз аныҳәатә-дкылара рхы аладырхәит.
Дубоссари ақалақьи араиони ауааԥсыра рыԥсадгьыл рыхьчон 1990 - 1992 шықәсқәа рзы. Аԥсны азы ихьанҭаз амшқәа раан урҭ аганахь имгылакәа Аԥсны ацхырааразиааит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы ақәԥараз.