Ажәабжь ҿыцқәа

31 May 2024 263
Лаҵара 29 рзы Сҭампыл имҩаԥысит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рыԥшааразы Акоординациатә механизм 16-тәи аилатәара, Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилакгьы алархәны.
Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра Адипломатиатә институт адиректор, ацҳаражәҳәаҩ Имад Мусҭафа дидикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али.
29 May 2024 218 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылаҟа адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аҟәеи Дамаски рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи фышықәса аҵра иазкны.
29 May 2024 177
Ари ахҭыс асоветаамҭашьҭахьтәи аҵакырақәа рҿы иҭоурыхтәхаз хҭысуп ҳәа уҳәар ҟалоит.
27 May 2024 295
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахьиӡе Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ҩаԥхьа Қырҭтәыла аилазаара ахь ирхынҳәтәуп ҳәа иҳәамҭа ҳаҳаит.
22 May 2024 252
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ин.н., аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аԥсны иҟоу Аџьар ҟаԥшь Амиссиа ахаҭарнакцәа идикылеит лаҵара 22 рзы.
20 May 2024 264 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Аԥсылмантә Республика Иран Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь ахь Иран ахада Сеиед Ебрахим Раиси, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Хосеин Амир Абдоллахиани ирыцызи рҭахара инадҳәаланы.
20 May 2024 278 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра адашшыларатә шәҟәы нанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра ахь Зартәи арыцҳара ҟалеижьҭеи 32 шықәса аҵра инадҳәаланы.
17 May 2024 253
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра анапхгара, аколлектив аусбарҭа ашьаҭаркра амш – лаҵара 17 азы 1992-1993шш. раантәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәаладыршәеит, афырхацәа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
16 May 2024 201 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ин.н. Иракли Ҭыжәба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистрс иеиҭалхра идиныҳәалеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: