Ажәабжь ҿыцқәа
21 May 2026 9
Иракли Ҭыжәба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп.
Уи азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Заратәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара Амш инамаданы адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит.
Лаҵарамза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Гаити Ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Гаити аҳәынҭқарратә бираҟ Амш 223-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
Лаҵара 19 рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Асоциалтә Программақәа Рыдгыларазы Амилаҭтә Фонд Анапхгара ахантәаҩы Андреи Сергееви Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Таимураз Тадтаеви реиԥылара. Аиԥылара рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи.
Лаҵара 19 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-рраунд аламҭалазы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара.
Лаҵарамза 18 рзы Москва ақалақь ахь Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилак рхантәаҩы Григори Карасини иареи реиԥылара.
20 May 2026 10
Лаҵарамза 18 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҿы иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиа лнаԥхьарала, Аугусто Сесар Сандино диижьҭеи 131 шықәса аҵра инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа еиҿнакааз адипломатиатә дкылара ихы алаирхәит.
17 May 2026 27
Лаҵарамза 17, 1993 шықәса рзы «Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵаразы» Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵара рыдыркылеит, уи инапы аҵаиҩит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба.