Ажәабжь ҿыцқәа

10 September 2025 93
2025шықәса цәыббрамза 9 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва иҟазаараан, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа 4-тәи рдепартамент анапхгаҩы Михаил Калугин диԥылеит. Аиԥылара аԥсуа ган аҟынтәи иалахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Мадина Аҩӡба.
9 September 2025 142
2025 шықәса цәыббрамза 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд азы акоординациатә еилацәажәара рхы аладырхәит.
17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса цәыббрамза 9 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит. Ари ашьаҿа ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәгыларазы азакәантә шьаҭа аԥҵара алнаршеит.
Иахьа, Москва, ВДНХ аҿы ЖәАУЦ Афонд ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци ВДНХ адиректор хада Сергеи Шогурови рыбжьара аусуратә еиԥылара мҩаԥысит.
7 September 2025 70
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит.
7 September 2025 54
Цәыббра 7 азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә наукақәа рдоктор, академик Алеко Гәарамиа ииубилеи азгәеиҭоит.
Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Сириа Аԥсны аџьынџьуааи ааԥхьарала, Шьамтәыла ахада Аҳмад аль-Шара имҩаԥигаз гәыԥҩык аҩызара-ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи иареи реиԥылара ихы алаирхәит. Аиԥылара ихы алаирхәит Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистр Асад аль-Шаибани.
Цәыббра 5 азы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы азинмчнагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватаман Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ашьақәгылара 35 шықәса ахыҵра иазку жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа ихы алаирхәит.
Цәыббра 2-3 рзы, Никарагуа аиҳабыра рнаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аиба Никарагуа Арбџьармчқәа раԥҵара 46 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын.
4 September 2025 136
Аҟәа иазгәарҭеит 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: