Ажәабжь ҿыцқәа

Ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 3 азы Урыстәыла иазгәарҭо Идырым асолдаҭ Имш инамаданы, Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа адгьылқәа Берлин – Бранденбург рҿы аус зуа урысшәала ицәажәо аиҿкаарақәа ркоординациатә Хеилак алахәылацәа дрыцны Берлин, Тиргартен аҿы Асовет аруаа ргәалашәара Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа лхы алалырхәит.
2024 шықәса абҵарамза 30 азы Никарагуа имҩаԥысит адунеи ажәларқәа ргастрономиеи рытрадициақәеи рцәыргақәҵа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс ацәыргақәҵа иалахәын Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа. Ацәыргақәҵаҿы иӡырган аконтинентқәа зегьы рҟынтәи 38тәылак инареиҳаны.
29 November 2024 57
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак иҟанаҵаз анаԥхьарала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак аделегациа Цхинвалҟа инеиит ареспублика аҳҭнықалақь аҿы абҵара 26-27 рзы имҩаԥысуаз ҩ-ганктәи аконсультациақәа рылахәхаразы.
2024 шықәса абҵарамза 27 рзы Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов раԥхьаӡа акәны Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭаауа, мамзаргьы иаҭаарц згәы иҭоу асасцәеи атуристцәеи, иара убас, атуристтә еилазаара дуқәеи онлаин-ресурсқәеи иднардыруеит ареспубликаҿы аҭагылазаашьа инагӡаны ишҭышәынтәалоу, шәарҭара шыҟам.
2024 шықәса абҵарамза 25 азы Боливариантәи Аҳәынҭқарра Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбудсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, аибашьра аанкылареи аҭышәныртәалареи рзы Аиқәшаҳаҭра 204 шықәса ахыҵра иазку ацеремониа даҭааит.
26 November 2024 54
Иахьа, абҵара ҩажәи фба рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеижьҭеи ҩеижәижәаба шықәса ҵит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәылатәи акультура Амшқәа ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
22 November 2024 44
2024 шықәса абҵара 22 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара далахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Максим Литвинов.
21 November 2024 36
2024 шықәса абҵара 21 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Китаи Жәлар Рреспубликаҿ иҟоу Аԥсны аҳаҭыр консул Ге Чжили еиԥылеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: