Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла аиустициа аминистр Ахммад Авад Аль-Саиед диԥылеит.
Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара амассатә информациақәа рхархәагақәа русхкы аганахьала аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара хықәыс измаз Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аинформациа аминистр Бутрос Халлиаки реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы аганқәа ахәҭакахьала амассатә информациа ахархәагақәа русхы аҿы атәылақәа рыбжьара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы Амилаҭтә хәыҷтәы еиҿкаара «Аль-Баас» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Наамоа Шадуд дылԥылеит.
Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра Адипломатиатә институт адиректор, ацҳаражәҳәаҩ Имад Мусҭафа дидикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али.
24 шықәса хәажәкыра 27 рзы Шьамтәыла аҳҭнықалақь агубернатор Мухаммад Тарек Кришати Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мохаммад Алии еиԥылеит.
2024 шықәса хәажәкыра 27 рзы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Моххаммад Алии Шьамтәыла Абанк хада аиҳабы Мохаммад Ессам Хазмехи реиԥылараан абанктә усхки ахәаахәҭра-економикатә еимдара аусхки рҟны аинырра иалацәажәеит.
2024 шықәса хәажәкыра 12 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республикаАолимпиатә еилакы ахада, атәыла аспорттә Федерациа ахада Фирас Муалл диԥылеит.
Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аҭҵаарадырратәии акультуратәии усеицура аԥеиԥшқәа иара убасгьы астепендиақәа рыпрограммақәа ирылацәажәеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республика Иреиҳаӡоу аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр, адоктор Басам Ибрагими реиԥылараан.
2024 шықәса хәажәкыра 12 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтә республика атранспорт аминистр Зухеир Хзеиеми еиԥылеит.
Иахьа, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә Хаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 16 шықәса аҵра инадҳәаланы уахь днеиит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рмини стр Витали Игнатьев .
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: