Ажәабжь ҿыцқәа

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа Афедерациа ахьӡала аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ООН аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аҭаразы Инал Арӡынба иажәалагала адгылара шарҭо азы.
24 December 2021 424
Каракас, Боливиа ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны АҳәынҭқАрраса ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа ацҳаражәҳәаҩ Родриго Мишель Хоффмани реиԥылара.
5 December 2021 314
Ԥхынҷкәын 4 азы италиатәи ақалақь Ламециа -Терме аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи адипломатиатә системаҿ» аӡыргара.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа VII аизара ду мҩаԥысит абҵара 14 рзы Измиҭ ақалақь аҿы. Аизара ду иалахәын Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациа. Аделигациа иалахәын: Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аԥсны ААР аусзуҩ Инвер Алшәындба, Аԥсны ААР анапынҵа ҷыдақәа рзы ацҳаражәҳәаҩцәа Инар Гыцбеи Алиас Асабуеи.
Урыстәылеи Аԥсни Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Альба Асусена Торрес Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
Жәабран 9 2021 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аккредитациа зызуу адипмиссиақәа рхадацәа рвидеоконференциа далахәын, днаԥхьан адипломатиатә корпус адекан, Римтәи апапа инунциа, Иԥшьаӡара Альдо Гиордано инаԥхьарала.
ЕСПЧ Апалата Ду, ажьырныҳәа 21 азы иакьыԥхьит Аахыҵ Уаԥстәыла 2008 шықәса рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рзы аҳәынҭқаррабжьаратә зашшра «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагылот(II)» аганахь ала ақәҵара.
Ԥхынҷкәын 11 рзы Қырҭтәыла Апарламент аҿы Қырҭтәыла ахада С. Зурабишвили «аоккупациа зызуу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи арегионқәа рҿы инхо аԥсуеи ауаԥси уааԥсыра» рзааигәахара алыршаразы азнеишьа ҿыцқәа ԥшаатәуп ҳәа ааԥхьара ҟалҵеит.
Ԥхынҷкәын 6 рзы Венесуела Амилаҭтә Ассамблеиахь алхрақәа мҩаԥысит. Заанаҵтәи Боливариантәи Ареспублика Венесуела амилаҭтә алхратә хеилак адыррақәа рыла Венесуела Иаку асоциалисттә партиа «Великий патриотический полюс» зхадараҿы иҟоу аидгыла аиааира агеит, Апарламент аҿы абжьеиҳа аиуит. Абжьыҭара аихшьаалақәа азхеиҵеит атәыла ахада Николас Мадуро.
Абҵара 23 рзы Дамаск ақалақь, Шьамтәыла Аминистрцәа рхеилак ахыбраҿы имҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи Хусеин Арнуси реиԥылара.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: