Ажәабжь ҿыцқәа

Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Жьҭаара 5, 2022 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, ЕАР ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, ОБСЕ ахаҭарнак Виорел Мошану дырԥылеит.
Ԥхынҷкәын 7-8, 2021 шықәсазы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 55-тәи рраунд, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика, Қырҭтәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА, ацхантәаҩцәа ООН, ЕС, ОБСЕ злахәыз.
Абҵара 16 азы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 55-тәи рраунд аламҭалаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаар, Џьихан Султаноглу, Анника Сиодер Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиԥылеит.
54-тәи Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысит жьҭара 12-13 азы.
Цәыббра 21 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба дырԥылеит Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа.
Женева имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 53-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ.
Хәажәкыра 25-26, 2021 шықәсазы Женева имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 52-тәи рраунд. Иара иалахәын: Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА, ООН, ОБСЕ, ЕС аҟынтәи ацхантәаҩцәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: