Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад официалла Аԥсны даҭааит. Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы асасцәа дырԥылеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада Инал Арӡынба.
Нанҳәа 15, 2022 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела, аштат Лара имҩаԥысуа Арратә хәмаррақәа -2022 "Аснаипертә рубеж" аартра далахәын Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнаԥхьарала.
17 August 2022 267 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба имшира идиныҳәалеит.
15 August 2022 231 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ахсар Џьиоев дидныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара инадҳәаланы.
8 August 2022 283 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика иаҿагыланы Қырҭтәыла агрессиа амҩаԥгара 14 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа нанҳәа 5 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҿы иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Себастиан Родриго Мишель Хоффман инаԥхьарала далахәын Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа ахьыԥшымра 197 шықәса ахыҵра аныҳәа.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аибарххара аҭыԥ ахьамоу ашьха-ҟарабахтә еимакы азонаҿы аҭагылазааша шыҿио гәцаракны ҳашьклаԥшуеит.
Нанҳәа 2 азы Ареспублика Никарагуа арра-ҳаиртә мчрақәа рнапхгара рнаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа арра-ҳаиртә мчрақәа шьаҭаркуижьҭеи 43-шықәса аҵразы имҩаԥысуаз ауснагӡатә далахәын.
1 August 2022 251 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ахьчараҿ иҭахаз ргәалашәара Амш иазкны.
Ԥхынгәы 27 азы Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ахантәаҩы Густаво Поррас Кортес инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ауснагӡатә далахәын. Ауснагӡатә Акоманданте Уго Чавес диижьҭеи 68-шықәса аҵреи Акоманданте Фидель Кастро дзаԥхьагылаз Монкада аказармақәа ржәылара 69-шықәса ахыҵреи ирызкын.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: