Ажәабжь ҿыцқәа

Афедеративтә Республика Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч наӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата (DIHK) аҿы имҩаԥысыз аекономикатә форум далахәын.
1 December 2025 62
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы, ԥхынҷкәын 1 азы, аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа жәларбжьаратәи аицлабрақәа "Кубок Небесная грация" зхы рылазырхәыз, жәа-шықәса зхыҵуа агимнастка Софиа Боџьгәуа дидикылеит.
Абҵара 29-30 рзы Никарагуа имҩаԥысит Жәларбжьаратәи агастрономиеи, акультуреи, атрадициақәеи рфестиваль. Аусмҩаԥгатә еиднакылеит 39тәыла рхаҭарнакцәа.
28 November 2025 52 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Денис Роналдо Монкада Колиндрес иира Амш идиныҳәалеит.
26 November 2025 63
31 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылеит Аҳәынҭқарра Азакәан Хада.
24 November 2025 83 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра адоцент, Леон иорден занашьоу Адгәыр Какоба ииубилеи идиныҳәалеит.
24 November 2025 87 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Иауз Аҭрышба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахадас иҟалара идиныҳәалеит.
20 November 2025 89
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа лымшира лыдиныҳәалеит.
18 November 2025 79
Жәларбжьаратәи адокументалтә кинофестиваль "RТ.Док: Ҳфырхацәа раамҭа" хыркәшахеит Аҟәа.
Абҵарамза 18 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Киевтәи арежим ацәгьоурақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Родион Мирошник дидикылеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: