Ажәабжь ҿыцқәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа амилаҭтә ҳаҭырқәҵара Амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
3 May 2026 56
Мшаԥымза 20-30, 2026 шықәсазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа апрограмма «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа. Урыстәыла адәныҟатәи аполитика" иахысит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра МГИМО Адипломатиатә академиаҿы.
30 April 2026 39
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу МГИМО Адипломатиатә академиа амагистратура апрограммақәа рҭаларазы Аԥсны атәылауаа рҟынтәи арзаҳалқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит:
Мшаԥы 29 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакраҿы имҩаԥысит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет 4-тәи акурс астудентцәеи реиԥылара.
Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иакьыԥхьыз 2025 шықәсазтәи аҳасабырба Қырҭтәыла ажәытә идеологиатә догмақәа рҽырцәыхьчареи ишьақәгылаз агеополитикатә ҭагылазаашьақәа обиективла ахәшьара рыҭареи шзалымшо даҽазныктәи шьақәырӷәӷәароуп. Адокумент жәашықәсала еизыргаз, аполитизациа зызуу аклишеқәеи апропагандатә штампқәеи реизгоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет адискредитациеи иаанхо арегионалтә ҭышәынтәаламзаара амзыз иашақәа идырны реицакреи хықәкыс иамоуп. Ақырҭуа ган «ампыҵахалара» иазкны ишьақәырӷәӷәам атезис атираж аҟаҵара иаҿуп, идырны иазхьаԥшуам Аҟәеи Москвеи реизыҟазаашьақәа аԥсуа жәлар рхы иақәиҭны ргәаҳәареи рхатәҳәаақәҵаразы рзини шьаҭас измоу зформат наӡоу аҳәынҭқаррабжьаратә партниорра аҟазшьа шрымоу.
29 April 2026 45
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ф. А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба имшира идныҳәалоит.
Мшаԥымза 27, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала аҭынчра ахьӡала аганрацәареи адипломатиеи Жәларбжьаратәи рымш азгәаҭара иазкыз аконференциа ихы алаирхәит.
Мшаԥымза 28, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәылеи Китаии рыбжьара астратегиатә партниорра аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 30-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә церемониа ихы ала
ирхәит.
27 April 2026 49
Мшаԥы 27 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Жәлар Рдипломатиа Ацентр ахаҭарнакцәа: анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ, аҵаратә проектқәа Рдепартамент анапхгаҩы Валери Мановицкаиеи аҵаратәи акультуратәи проектқәа рменеџьер Софиа Ҳагԥҳаи идикы