Ажәабжь ҿыцқәа
17 October 2024 169
Шьамтәылатәи Арабтә Республика инхо ачерқьес диаспора аҟынтәи гәыԥҩык астудентцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь аҵара рҵарц иаауеит.
Жьҭаарамза 14 рзы, Ареспублика Никарагуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала, Никарагуа иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 45-шықәса аҵразы ауснагӡатә рхы аладырхәит.
Жьҭаара 11 азы, Женева, ЕАР Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак аҿы “Қырҭтәыла аус ацура” ҳәа ахьӡ змоу арезолиуциа рыдыркылеит. Уа даҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәеит Қырҭтәыла аҵакыра акзааразы агәазыҳәара. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рҿы “ауаҩытәыҩсатә зинқәа реилагарақәа” рыӡбахә ҳәоуп. Иара убасгьы иақәыӡбоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы «изакәанымкәа» Урыстәыла ар рыҟазаара.
Жьҭаара 12 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хавиер Арруе инаԥхьарала Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Венесуела ахада, акомендант Уго Чавес ихьӡ зху асофтбол азы VIII-тәи Ахраҿа «Ажәларқәа реиҩызара» аартра ацеремониа аартра
Жьҭаарамза 11 рзы, Ареспублика Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Никарагуа Амилаҭтә Ассамблеиа иҷыдоу аилатәара рхы аладырхәит. Аилатәараҿы атәыла азакәанԥҵаратә усбарҭа хада Палестина имҩаԥысуа агеноцид иақәыӡбеит, иара убасгьы Никарагуа аиҳабыра рахь аҳәара ҟанаҵеит Никарагуеи Израильи рыбжьара адипломаттә еизыҟазаашьақәа рԥыргаразы.
1999 шықәсазы жьҭаарамза 12 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынбеи, Жәлар Реизара Ахантәаҩы Сократ Џьынџьали, Жәлар Реизара адепутатцәеи рнапы аҵарҩит “Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы” Азакәан. Ари ахҭыс аԥхьа, 1999 шықәсазы, ареферендум мҩаԥысит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак 1994 шықәса абҵара 26 азы ирыдыркылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ишадгыло азы атәылауаа рҟынтәи 97,7% рыбжьы рҭиит.
Шьамтәыла иҟоу Иԥшьоу Атәарҭа Ацҳаражәҳәарҭа (Ватикан) ааԥхьарала, Шьамтәыла иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, Пакистани Ермантәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Шьамтәыла рдипломатиатә уснагӡатәқәа рынагӡара иазку ацеремониа ихы алаирхәит .
Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – ЕАР аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, ЕЕ аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханне дырԥылеит.
Жьҭаара 9 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа – ЕАР аҟынтә ацхантәаҩы Џьихан Сулҭаноглу, ОБСЕ аҟынтә ацхантәаҩ Виорель Мосану, ЕЕ аҟынтә ацхантәаҩ иполитикатә бжьагаҩ Готфрид Ханне.