Ажәабжь ҿыцқәа
Рашәара 9 рзы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа федерациа ахада Иауз Аҭрышбеи, Ҭырқәтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Вершинини реиԥылара мҩаԥысит.
Рашәарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет (ААУ) аҿы астол гьежь «Аахыҵ Кавкази Амшынеиқәатә регион маҷи рҿы агеополитикатә процессқәа: аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи» аҿы дықәгы
леит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Габриелла Габуниеи Урыстәыла Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә дкылара рхы аладырхәит.
Рашәара 8 рзы Сҭампыл имҩаԥысыз Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа 10-тәи х-ганктәи реиԥылара аихшьаалақәа рыла икьыԥхьыз адекларациа инадҳәаланы иазгәаҳҭоит:
Рашәарамза 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара аҟынтәи ацхантәаҩ Халед Хиари, ЕХ аҟынтәи ацхантәаҩ Магдалена Гроно, ОБСЕ аҟынтәи ацхантәаҩ Криштоф Ернст Шпети реиԥылара мҩаԥысит.
Лаҵара 30-31 рзы Берлин имҩаԥысуеит Шиллер иинститут еиҿнакааз жәларбжьаратәи аконференциа ду "500 шықәса зхыҵуа аколониалтә епоха анҵәамҭа: ацивилизациақәа рдиалог ахь". Аконференциа азкуп ашәарҭадареи аҿиареи жәларбжьаратәи рархитектура ҿыц ашьақәыргылара алацәажәара, ацивилизациақәа рыбжьара зинла еиҟароу адиалог арӷәӷәара, ишьақәгыло адунеитә еиҿкаараҿы Аглобалтә Лада атәылақәа рроль.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра алаҳәара Акт адкылара Амш идиныҳәалеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны азхьаԥшра арҭеит ааигәа Қырҭтәыла иреиҳаӡоу аполитикатә напхгареи адинмаҵзуҩцәеи Қарҭ имҩаԥысуаз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа раан иҟарҵаз иаарту рҳәамҭақәа. Аҭынчра ариторика аформа зҽагәылаҳәаны иҳәоу «аидгылареи» «аинышәареи» рзы изаамҭанытәиу адекларациақәа адәныҟатәи анаԥшҩи адунеитә еилазаареи рзы аҭынчра аҽазышәара аҭаххара иаҩызан иахәаԥшыр рылшоит. Аха Аԥсны арҭ аԥарда зҿаршәу атезисқәа ҳажәлар иреалтәу ашәарҭарақәеи аҭоурыхтә ԥышәеи ирнырԥшны ирыдыркылоит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистри апартиа «Иаку Урыстәыла» аҟынтәи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак алахәыла, жәлар рдипломатиа Ацентр адиректор хада Дмитри Савельеви реиԥылара. Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит Аԥсны иҟоу ЖәРА афилиал акоординатор Валериа Мановицкаиа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла усутә визитла иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ихы алаирхәит 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алахәыла, 1941 шықәсазы Ленинградтәи аобласт аҿы иҭахаз Хьымца Гәыџь-иԥа Ҭарба ибаҟа Ленинградтәи аобласт Приозертәи араион Мичуринсктәи ашкол аҿы аартра.