Ажәабжь ҿыцқәа
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аибеи рхы аладырхәит Ареспублика Куба амилаҭтә фырхаҵа, ашәҟәыҩҩы, атәыла ахьыԥшымра азықәԥаҩ Хосе Марти аибашьраҿы фырхаҵарыла дҭахеижьҭеи 130 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ду.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа шизаиц изаауеит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистрра ахылаԥшрала, Шьамтәыла аспорти аҿар русқәеи рминистрра ацхыраарала, насгьы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы аккредитациа змоу Ацҳаражәҳәарҭақәеи адипломатиатә миссиақәеи (Аԥсны, Баҳреин, Урыстәыла, Саудтәи Аравиа, Азербаиџьан, Тунис, Еиду Арабтә Емиратқәа, Катар, Пакистан, Филиппины, Мысра, Индонезиа, Судан, Парагваи рылахәхарала, ООН-и Шьамтәылеи рхаҭарнакцәа рыҟазаарала), астолтә мқьаҭымпыл азы адипломаттә турнир лаҵара 16-17 рзы Дамаск ақалақь аҿы имҩаԥысит.
17 May 2025 32
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларақәа изаауеит.
17 May 2025 24
2025 шықәса лаҵара 17 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ирмарианы риуразы» ҳәа хьӡыс измоу Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара Амши Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә усзуҩ Имши идиныҳәалеит.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиев Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара Амши Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә усзуҩ Имши идиныҳәалеит.
17 May 2025 28
Иахьа, ҳара, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 32 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит. Аминистрра аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Владислав Григори-иԥа Арӡынба, 1993 шықәса лаҵарамза 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩык иҳасаб ала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзи аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара ахьидиныҳәалаз ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.