Ажәабжь ҿыцқәа

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны аҵакыраҿы зусура мҩаԥызго Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Ажьырныҳәамза 12 рзы Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Амилаҭтә Ассамблеиа аилатәара ихы алаирхәит. Араҟа Атәыла Ахада Николас Мадуро Морос есышықәатәи аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит.
12 January 2023 351
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 11 азы инапы зҵеиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ианашьоуп адипломатиатә чын ҿыц – Иҷыдоуи Азинмчнагӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ ичын.
6 January 2023 320
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоуи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иирамш идиныҳәалеит.
30 December 2022 256 Анотақәа
Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала иааит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров идныҳәаларатә шәҟәы.
24 December 2022 237 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аконституциа амш азы адныҳәалара нанашьҭит.
Ԥхынҷкәын 22, 2022 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы аамҭалатә гәрага Муҳаммед Али диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра аимадареи апротоколи Рдепартамент адиректор Анфауан Аль-Наиб.
20 December 2022 334
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив анапхгаҩ ҿыц, Алхас Кәыҵниа, дыдирдырит.
20 December 2022 266
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟаи Минскҟаи усутә ныҟәарыла амҩа дықәлеит актуалра змоу аинырра азҵаарақәа рылацәажәаразы.
2022 шықәса ԥхынҷкәын 19 азы Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала амилаҭтә фырхаҵа Симон Боливар диижьҭеи 192-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: