Ажәабжь ҿыцқәа

20 June 2024 395 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ауаԥс жәлар ргеноцид иаланҵәаз ргәалашәара Амш инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
19 June 2024 170 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа инамаданы адышшылар
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Урыстәылатәи Афедерациеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара азы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла Ахада ихаҭарнак, Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимов диԥылеит.
2024 шықәса рашәара 11 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақьафурҭақәа рҳа «Вкусно и точка» ахада Олег Пароев Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҿы Қырҭтәыла иаҵакыроуп ҳәа ииҳәаз ахҳәаа аҭо иазгәанаҭеит Аԥсны – Урыстәыла иазханаҵаз, исуверентәу ҳәынҭқарроуп ҳәа.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла аиустициа аминистр Ахммад Авад Аль-Саиед диԥылеит.
Рашәара 12, 2024 шықәсазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа–Аахыҵ Кавказ аҿы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Таиво Клаари, ЕАР ахаҭарнак Џьихан Султаноглуи, ОБСЕ ахаҭарнак Виорел Мошануи рԥылара.
Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара амассатә информациақәа рхархәагақәа русхкы аганахьала аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара хықәыс измаз Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аинформациа аминистр Бутрос Халлиаки реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы аганқәа ахәҭакахьала амассатә информациа ахархәагақәа русхы аҿы атәылақәа рыбжьара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
12 June 2024 281 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Одиссеи Бигәаа Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы Амилаҭтә хәыҷтәы еиҿкаара «Аль-Баас» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Наамоа Шадуд дылԥылеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: