Ажәабжь ҿыцқәа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла усутә визитла иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ихы алаирхәит 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алахәыла, 1941 шықәсазы Ленинградтәи аобласт аҿы иҭахаз Хьымца Гәыџь-иԥа Ҭарба ибаҟа Ленинградтәи аобласт Приозертәи араион Мичуринсктәи ашкол аҿы аартра.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара.
Лаҵара 19 рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Асоциалтә Программақәа Рыдгыларазы Амилаҭтә Фонд Анапхгара ахантәаҩы Андреи Сергееви Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Таимураз Тадтаеви реиԥылара. Аиԥылара рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи.
Лаҵарамза 18 рзы Москва ақалақь ахь Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилак рхантәаҩы Григори Карасини иареи реиԥылара.
Мшаԥы 24 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци РОО "Ростовтәи Аԥсуа диаспора" ахантәаҩы Виктор Ҳашбеи реиԥылара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҿыц Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩыс иаҭоу Асҭамыр Кациа иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит.
Урыстәылатәи Афедерациаҿ усутә ныҟәарыла иҟазаараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Ареспублика Никарагуа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиеи иареи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәараан имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистри Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкеси реиԥылара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада ҿыц Валериа Џьемелло.
Ԥхынҷкәын 11 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессорра-рҵаҩратә еилазаареи азанааҭ «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» астудентцәеи реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Олег Барцыци ААУ аректор Алеко Гәарамиеи реиԥылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: