Ажәабжь ҿыцқәа

18 March 2022 304
Ареспублика Ҟрыми Севастополи Урыстәыла радларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысижьҭеи аа-шықәса аҵреи Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә аоперациа адгылареи ирызкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны хәажәкыра 18 азы. Аконцерт иалахәын жәлар рансамбльқәеи аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Ольга Кормухинеи.
17 March 2022 446
Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи атәылауаа ирмариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал аҩра рылшоит. Урыстәыла атәылауаҩрахь рыдкылара аҭагылазаашьақәа ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада Владимир Путин иӡбрала.
2020 шықәсазы аиндаҭлара «Аԥсны агәадура» аҟны иаиааииз ахәҩык ируаӡәку Абзагә Ҵәыџьба Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа пресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп.
2022 шықәса хәажәкыра 15 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Ирезиденциахь инеиԥхьеит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩи Ареспублика Никарагуа иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хосе Франсиско Хавьером Арруе де Паблои.
2022 шықәса хәажәкыра 14 азы Приднестровие адәныҟаполитикатә усҳәарҭаҿы еиԥылеит ПМР Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьеви ПМР аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс иҟоу Александр Ватамани.
14 March 2022 466
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ицхырааҩыс дҟаҵоуп Урыстәыла ААР аҿы иҟоу МГИМО ИАР атәылақәа рыклуб аҳәаақәҵаҩ Едгар Ӷәазаа.
11 March 2022 291
Хәажәкыра 11 азы аҟәатәи астадион «Динамо» аҿы имҩаԥысит Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәа руааԥсыра рыхьчарази Украина абџьархыхрази Урыстәыла имҩаԥнаго аполитика адгылараз акциа.
11 March 2022 532
Аԥшьаша, хәажәкыра 10 азы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдара аҳасаб ала. Аҩ-тәылак аиҩызареи аусеицуреи рзы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аиқәыршәара иаҿуп.
10 March 2022 366
Хәажәкыра 10, 2022 шықәсазы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа И. Б. Арӡынбеи Д. Н. Медоевы аиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылараҟны ирылацәажәан аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура актуалтә зҵаарақәа.
10 March 2022 760
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Дмитри Медоеви Аҟәа еиԥылеит хәажәкыра 10 азы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: