Ажәабжь ҿыцқәа

Шьамтәыла иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар Аль-Асад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа занашьоу Игор Ахба 75-шықәса ихыҵра идырныҳәалеит.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәыла АдәАР ахада Феисал аль-Микдад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАр апресс-маҵзура.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәылеи Никарагуеи реиҩызара Амш иазкыз адипломатиатә уснагӡатә далахәын.
«Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә џьармыкьа - 2023» ԥхынҷкәынмза 16 рзы Дамаск ақалақь, асасааирҭа Dama Rose, аизарақәа рзал Аль-Мутанабби аҿы имҩаԥысит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Германиа аофициалтә хаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа есышықәса Берлин имҩаԥысуа Евразиатәи аилазаара иеиҿнакаауа Қьырсаныҳәатә хәылԥазы далахәын.
<p style="text-align: justify;">      2023 шықәса ԥхынҷкәын 7 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа амурал «Урыстәыла-Венесуела: шәышықәсалатәи аиҩызара» аартра иазкыз ауснагӡатә далахәын. </p>
ԥхынҷкәын 5, 2023 шықәсазы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахада Николас Мадуро Мороси аиҳабыра Рфедералтә хеилаки реилатәара далахәхеит.
Абҵара 21 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа асахьаҭыхыҩ Геннади Добров Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аӡбахә зҳәо играфикатә усумҭақәа рцәыргақәҵа аартра иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови реиԥылара мҩаԥысит абҵарамза 22 рзы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: