Ажәабжь ҿыцқәа

Нанҳәа 13 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дидикылеит Адомино азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада Лукас Гиттард.
Нанҳәамза 8 рзы, жәеиза шықәса раԥхьа Аладатәи Уаԥстәыла Ареспубликаҿы излагаз аибашьра амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысыз агәаларшәагатә усмҩаҧгатә мҩаԥган.
Ԥхынгәы  5  2019 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Италиа иҟоу  Боливариантәи ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Боливариантәи ареспублика Венесуела 208-шықәса ахыҵра  аныҳәамш далахәын.
Лаҵара 28 2019 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнаӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ишрыдышшыло атәы зҳәо ашәҟәы рышьҭит Шри-Ланка Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, уи атәылаҿы иҟалаз атҟәацрақәа ирыхҟьаны ауаа рацәа рҭахара инамаданы. Адышшыларатә шәҟаҟны иаҳәоит:
Италиа иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҷыдоу анапынҵақәа рзы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Италиа иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәаҩ Хуан Родригес Диас диҧылеит.
Жәабран 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани ООН иҟоу Шьамтәыла ахаҭарнак Хусам Еддин Ала диԥылеит.
Москва ақалақь аҿы хәажәкырамза 11, 2015 шықәса рзы Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа Рминистррақәа ирыбжьарҵаз Амеморандум ишьақәнарҕәҕәаз адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, изаамҭанытәиу аконсультациақәа мҩаҧысит.
Венесуелатәи ахҭысқәа инарымаданы  Вашингтон иҟанаҵаз аҳәамҭа иаартны аҳәынҭқарратә мчра ахҳәарахьы ааԥхьароуп ҳәа азгәарҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит  ахәыҷқәа рзы еиҿкааз ашықәсҿыцазтәи акарнавал. Аныҳәа еиҿыркааит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Москватәи аԥсуа диаспореи.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: