Ажәабжь ҿыцқәа

Жьҭаара 13 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕЕ ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар. Аиԥылара иалахәын: Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Еврохеилак ахаҭарнак ҷыда иполитикатә бжьагаҩ Биорн Киуне, Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Еврохеилак ахаҭарнак ҷыда иофис аҿы аполитикатә бжьагаҩ Еммануель Анкетиль, ОБСЕ аполитикатә бжьагаҩ Готтфрид Ханне.
13.10.2020 821
Гәалсра дула иҳадаҳкылеит иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аорден «Ахьӡ-Аԥша» I аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә алауреат, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аиурист, аԥсуа-абаза жәлар Адунеизегьтәи рконгресс ахада (1992-2017шш ) - Тарас Мирон-иԥа Шамба иԥсҭазаара иалҵра.
08.10.2020 509
Жьҭаара 7рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба The HALO Trust ахаҭарнакцәа: Кавкази Балкани рҿы арегионалтә менеџьер Смарт Николаси Аԥсны иҟоу апрограмматә менеџьер Есмет Задеи идикылеит.
06.10.2020 1076
Жьҭаара 6 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республика аҳҭнықалақь Дамаск имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра. Ауснагӡатә иалахәын Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Уалид аль Муаллем, Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Аиман Сусан, Шьамтәыла аккредитациа змоу Урыстәыла, Венесуела, Куба рыцҳаражәҳәаҩцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы Шьамтәыла иҟоу Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа жьҭаара 5 рзы Дамаск идикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика  ахада Башар Асад.
Аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеиит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аартра ацеремониа аҽалархәразы жьҭаара 4 азы.
29.09.2020 480
Цәыббра 29 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Аԥсны иҟоу «Амлакра аҿагылара» (Action Against Hunger) аиҿкаара аофис ахада  Ервин Блауи реиԥылара. Ервин Блау ицәыригеит аиҿкаара (Action Against Hunger) апроект ҿыц. Апроект  ирыднагалоит Аԥсны ақыҭа школқәа рҿы асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра  ӡыла реиқәыршәара асистема ахархәарала.
Цәыббра 29 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи усутә визитла Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоевы реиԥылара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьаз адунеитә уаажәларрарахь ааԥхьара ҟанаҵеит
20.09.2020 1082 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев Аахыҵ Уаԥстәыла ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
18.09.2020 603
Цәыббра 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит онлаин конференциа (аплатформа Zoom ацхыраарала) Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломатцәа ҿарацәа алархәны.
14.09.2020 727 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистр Масис Маилиан амшира идиныҳәалеит
Азхьаԥшра аҭоуп Белоруссиатәи ахҭысқәа рконтекст ала еицырдыруа Урыстәыла аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәақәак иҟарҵо ааԥхьарақәа Урыстәылатәи Афедерациеи, Белоруссиеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи, ДЖәР-и ЛЖәР-и реидыларазы.
09.09.2020 609
Цәыббра 9 2020 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 12 шықәса ҵит.
08.09.2020 579
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи ООН УВКБ ахаҭарнак Кемлин Фиорлии реиԥылара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит НАТО атәылақәа милаҭрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа рцикл "Достойный партнер 2020" (Noble Partner 2020) аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла адгьылҵакыраҿы имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа рганахь ала. Қырҭтәыла имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит акырнызқь аруаа, арратә техника хьанҭа, авиациа, ЕАА арра-мшынтә флот аӷбақәа.
03.09.2020 693 Анотақәа
Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра Амшныҳәа инадҳәаланы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Витали Игнатьев адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит.
03.09.2020 676 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистр Масис Маилиан Ареспублика Арцах ахьышымра Амш идиныҳәалеит.
30.08.2020 731
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа рынагӡаразы Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Италиа Асенат ахаҭарнак Маттео Сальвини 2020 шықәса нанҳәа 29 рзы аиԥылара рыман.
Ԥхынгәы 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра аофициалтә еиҳабы Гарри Кәыпалбеи аиԥылара рыман.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: