Ажәабжь ҿыцқәа

2026 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Дельси Родригес Гомес иҟалҵоз есышықәсатәи анашьҭымҭа иазкыз аилатәара ҷыда ихы алаирхәит.
07.01.2026 81 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иира Амш идиныҳәалеит.
07.01.2026 79 Анотақәа
Ажьырныҳәа 7 рзы имшира азгәеиҭоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иира амш идырныҳәалеит.
07.01.2026 70 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут имш иира идиныҳәалеит.
06.01.2026 58 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лымшира лыдиныҳәалеит.
06.01.2026 59 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иира Амш идиныҳәалеит.
05.01.2026 58 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев иира амш идиныҳәалеит.
Мамуки Мдинараӡе уаанӡа иҟаиҵаз аҳәамҭеи асоциалтә ҳа X аҿы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз адырраҭареи инарымаданы, иазгәаҭатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит ақырҭуа политикатә спектр хазы игоу ахаҭарнакцәак, жәларбжьаратәи апроцессқәа рхатә политикатә зыԥшрақәа инарықәыршәаны рыҟаларазы рҽазышәарақәа, обиективла ишьақәгылаз арегионалтәи жәларбжьаратәи ареалиақәа шаадмырԥшуа.
02.01.2026 53 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа имш иира идиныҳәалеит.
30.12.2025 73 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
30.12.2025 71 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
30.12.2025 73 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи идиныҳәалеит.
30.12.2025 70 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра хшыҩзышьҭрала, еилкаарыла иазнеиуеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак М. Захарова «Sputnik Қырҭтәыла» аинтервиу аҭо илаҳәаз.
24.12.2025 76 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова лымшира лыдиныҳәалеит.
24.12.2025 73
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихантәаҩрала, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит 2025 шықәсазтәи адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын аминистр ихаҭыԥуаа Одиссеи Бигәааи Иракли Ҭыжәбеи, аусбарҭа адепартаментқәа реиҳабацәеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада ҿыц Валериа Џьемелло.
Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман онлаин-конференциа «Приднестровие - 35 шықәса жәларбжьаратәи акоординатқәа рсистемаҿы» ихы алаирхәит.
19.12.2025 81
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра еиҿнакааз ажурналистцәеи аблогерцәеи рыбжьара аицлабра «Взгляд-2025» афинал аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит.
Ԥхынҷкәынмза 16, 2025 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль имҩаԥигаз ашықәс ҿыц аламҭалазтәи аныҳәатә еиԥылара ихы алаирхәит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: