Ажәабжь ҿыцқәа

Ареспублика Никарагуа атәылахьчара Аминистрра ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатәии азинмчранагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Сезар Абилес Кастильо иҭоубашьҭаҵара ацеремониа далахәын.
Жәабран 21 азы Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин, Тиргартен апарк аҿы иҭахаз асоветтә еибашьцәа рмемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа лхы алалырхәит.
Жәабран 20 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасарови Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа арратә атташе, аполковник Сергеи Надежкини рнаԥхьарала Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз адкылара далахәын.
Жәабран 20 азы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман, Приднестровие адәныҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз ааԥхьарала, ПМР адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳасабырбатә коллегиа аилатәара ихы алаирхәит. Аусмҩаԥгатә онлаин аҟазшьала имҩаԥысит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов инаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит.
Жәабран 18 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы реиԥылара мҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамбеи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа назыгӡо ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа.
Ҳара ҳхы азышьҭны азхьаԥшра аҳҭеит Европатәи адәныҟатә еимадарақәа рзы Амаҵзура апресс-маӡаныҟәгаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа, уа иаҳәоит: “Европатәи Аидгыла жәларбжьаратәи азин ала иазхаҵоу Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи асуверенитети ирыдгылоит. 2025 шықәса жәабранмза 15 азы иоккупациа зызуу Аԥсны арегион ҳәа изышьҭоу аҿы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ирызкны иаҳгәалаҳаршәоит Европатәи Аидгыла урҭ зламҩаԥысыз аконституциатәи азинтәи ҳәаақәа ирықәшаҳаҭым. Европатәи Аидгыла азхамҵаратәи аинтеграциатәи политика амҩаԥгара иацнаҵоит”.
15.02.2025 52
Германиа традицианы иҟалеит есышықәса ачерқьес-аԥсуа культуратә центрқәа рфестиваль ZEXES ақалақь Мионхенгладбах аҿы амҩаԥгара, уи ақалақь акультуратә центр анапхгаҩцәа еиҿыркаауеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи - Џьихан Султаноглу, Европатәи атәылақәа Реидгыла аҟынтәи - Магдален Гроно, иара убас Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадара Аиҿкаара аҟынтәи - Кристоф Ернст Спати.
11.02.2025 44 Анотақәа
Адипломат имш инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика адныҳәалара азыҟанаҵеит.
11.02.2025 58
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
05.02.2025 79
Игор Мураҭ-иԥа Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҿы адипломатиа аҿиараҿы иналукааша хаҿуп, азинмчы змоу Ахаҭарнакра, анаҩс Урыстәылатәи Афедерациаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьақәыргылара ахыҵхырҭаҿы игылаз уа ҩуп.
30.01.2025 121
Ҳара азхьаԥшра аҳҭеит Into the Open Music Festival «Rituals» (Берлин) асаит аҿы «ақ. Сохум аҳәынҭқарратә драматә театр» ҳәа изышьҭоу азы аинформациеи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны уи ақәгыларақәеи ирызкыз акьыԥхьымҭа.
Ажьырныҳәамза 24 рзы, Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра ашьаҭаркра Амш иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Олег Барцыц агазеҭ "Чегемскаиа правда" аредактор Инал Ҳашыг аинтервиу анииҭоз иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба "... уажәы Ацҳаражәҳәарҭаҿы аус иуӡом..." ҳәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра уи иҟаиҵаз аҳәамҭа инамаданы иазгәанаҭоит Игор Мураҭ-иԥа Ахба ҳазҭоу аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ имаҵураҭыԥ ааникылоит ҳәа.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви, ПМР Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы наӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватамани, ПМР Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит.
22.01.2025 91 Анотақәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамба Приднестровиатәи иколлега Витали Игнатиев Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра 32 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 20 рзы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика актәи Ахада икабинет аҿы Игор Смирнови Приднестровиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани реиԥылара мҩаԥысит.
2025 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, Венесуела иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Аҳәынҭқарра Ахада Николас Мадуро Морос атәылахь есышықәса иҟаиҵо ааԥхьаратә уснагӡатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы Приднестровиа иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани ПМА Иреиҳаӡоу Ахеилак ахада Александр Коршунови аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: