Ажәабжь ҿыцқәа

Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Деиси Торрес Боске инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра рылаҳәара Амш аҽны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа амҩаԥгара далахәын.
17 September 2024 64
Цәыббра 17 2024 шықәсазы иҵуеит 16 шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭоит Қырҭтәыла Қырҭтәыла анапхгаратә партиа "Грузинская мечта" ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла амчрақәа жьҭаара 26 рзы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟны риааира ашьҭахь 2008 шықәсазтәи аибашьразы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵаразы амчқәа шырыԥшаауа.
16 September 2024 33 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра Амш инамаданы Никарагуа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адныҳәалара азынанашьҭит
13 September 2024 57 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Стециуки, Аԥсны иҟоу ПМР Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалбеи, ПМР АдәАР аҳәаанырцәтә усбарҭақәеи афинансқәеи русура Анапхгараҭара аиҳабы Ирина Мочановеи реиԥылара.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны Ареспублика Никарагуеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә дкылара мҩаԥысит цәыббра 10, 2024 шықәсазы.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али ихы алаирхәит Дамаск Саудтәи Аравиа Ацҳаражәҳәарҭа аусура аиҭахацыркраз адкылара
10 September 2024 130 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба адныҳәаларатә нота наишьҭит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль иахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 16-шықәса ахьҵыз инамаданы.
10 September 2024 107 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 15 шықәса ахыҵра инамаданы.
10 September 2024 171
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Вальдрак Џьентск Уитакер Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иалхра идиныҳәалеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: