Ажәабжь ҿыцқәа

Нанҳәа 8 азы, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакра еиҿнакааит Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анаԥхгаҩы Саид Ҵнариеи Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амиграциатә усбарҭа аиҳабы Светлана Пысинеи онлаин реиԥылара.
Нанҳәа 2–3 рзы Никарагуа ақалақь Манагуа аҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аҟазареи, акультуреи, агастрономиеи рфестиваль.
Александр Ватаман Урыстәылатәи Афедерациа аҭынчрахьчаратә мчқәа Приднестровиа иалагалоижьҭеи 33 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит
Ԥхынгәымза 21 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Никарагуа аофициалтә визитла рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентскеи реиԥы лара мҩаԥысит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа рзы агәрагаҩы Валески Фиореллы Лопес инаԥхьарала, Асандинисттә револиуциа Аиааира 46 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Колумбиа ацҳаражәҳәаҩ Мильтон Ренгифо инаԥхьарала, Ареспублика Колумбиа ахьыԥшымра Амш 215 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ԥхынгәы 7 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Андреи Молчан инаԥхьарала, Белоруссиа ахьыԥшымра Амш азгәаҭареи Белоруссиа аҵакырадгьыл анацисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра 81 шықәса ахыҵра азгәаҭареи ирызкыз ауснагӡатә ихы алаирхәит.
2025 шықәса ԥхынгәы 5 азы Берлин ақалақь аҿы еиуеиԥшым акультурақәеи ажәларқәеи рхаҭарнакцәа еидызкылаз аҭаҭарцәа рмилаҭтә ныҳәа «Сабантуи» азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә лхы алалырхәит Германиатәи Афедеративтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа.
2025 шықәса рашәара 26 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара шьаҭаркуижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны, Венесуелатәи аган аԥшьгамҭала «Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа ахьчаразы аиҩызцәа Ргәыԥ» алахәылацәа еиҿыркааз аиԥылара ихы алаирхәит.
2025 шықәса рашәара 23 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Венесуела ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригеси адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинтои имҩаԥыргаз изаамҭанытәим аиԥылара ихы алаирхәит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: