Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив агәалсра ду аанарԥшуеит иналукааша алитератор, афилолог, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Фадиль Арҩҭаа иԥсҭазаара иалҵразы.
2024 шықәса ԥхынгәы 3 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Беларусь азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Андреи Молчан инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Беларусь Ахьыԥшымра Амши афашист мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 80 шықәса аҵреи ирызкыз ауснагӡатә далахәын.
2024 шықәса рашәара 28 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуелеи Китаии рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара 50 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Урыстәылатәи Афедерациеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара азы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла Ахада ихаҭарнак, Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимов диԥылеит.
2024 шықәса рашәара 11 азы Каракас, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергея Мелик-Багдасаров инаԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Урыстәыла Амш иазкыз ауснагӡатә далахәын.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла аиустициа аминистр Ахммад Авад Аль-Саиед диԥылеит.
Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара амассатә информациақәа рхархәагақәа русхкы аганахьала аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара хықәыс измаз Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла аинформациа аминистр Бутрос Халлиаки реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аҿы аганқәа ахәҭакахьала амассатә информациа ахархәагақәа русхы аҿы атәылақәа рыбжьара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы Амилаҭтә хәыҷтәы еиҿкаара «Аль-Баас» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Наамоа Шадуд дылԥылеит.
Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра Адипломатиатә институт адиректор, ацҳаражәҳәаҩ Имад Мусҭафа дидикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али.