Ажәабжь ҿыцқәа

2024 шықәса цәыббра 25 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Саудтәи Аравиа Акралра Амилаҭтә мшы 94-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз ауснагӡатә ихы алаирхәит.
2024 шықәса цәыббра 20 аҽны Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аомбундсмен Альфредо Хосе Руиса Ангуло инаԥхьарала Жәларбжьаратәи аҭынчра Амш амҩаԥгара далахәын.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Мексикатәи еиду аштатқәа Рыцҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Мексика ахьыԥшымра Амш 214-шықәса ахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә концерт.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Малаизиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала ихы алаирхәит Малаизиа ахьыԥшымра 67-шықәса ахыҵреи Малаизиа Амш 61-шықәса ахыҵреи рзы еиҿкааз аныҳәатә уснагӡатә.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Деиси Торрес Боске инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра рылаҳәара Амш аҽны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа амҩаԥгара далахәын.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны Ареспублика Никарагуеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә дкылара мҩаԥысит цәыббра 10, 2024 шықәсазы.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али ихы алаирхәит Дамаск Саудтәи Аравиа Ацҳаражәҳәарҭа аусура аиҭахацыркраз адкылара
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа-адыга диаспора аҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит. Кудсиа араион аҿы аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы, алагарҭатәи аҽазыҟаҵаратәи аклассқәа рҿы итәоу 150-ҩык ахәыҷқәа ашколтә маҭәахәқәа рыҭан. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ахәыҷқәа рҵараҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьеишьеит.
Цәыббра 3 азы Цхинвал, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев Цхинвал, Беслантәи арыцҳара 20 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
2024 шықәса цәыббра 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Ареспублика Никарагуа Арратә мчқәа рышьаҭаркра 45 шықәса ахыҵра аныҳәа иалахәын.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: