Ажәабжь ҿыцқәа
Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷба, Евразиатәи Аилазаара (Берлин) ахантәаҩы, аполитолог Александр Рар иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аилазаара имҩаԥнагаз Қьырсаныҳәа ахәылԥаз лхы алалырхәит. Аусмҩаԥгатә 2024 шықәса аихшьаалақәеи 2025 шықәсазтәи ԥхьаҟатәи азԥхьагәаҭақәеи ирызкын.
2024 шықәса ԥхынҷкәын 5 азы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр аҿы имҩаԥысыз ацәыргақәҵа "Сербиа Адунеизегьтәи аҭынха – ИуНЕСКО Адунеизегьтәи аҭынхақәа рсиа иаҵанакуа абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аберҭыԥқәа" аартра иалахәын.
Ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 3 азы Урыстәыла иазгәарҭо Идырым асолдаҭ Имш инамаданы, Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа адгьылқәа Берлин – Бранденбург рҿы аус зуа урысшәала ицәажәо аиҿкаарақәа ркоординациатә Хеилак алахәылацәа дрыцны Берлин, Тиргартен аҿы Асовет аруаа ргәалашәара Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа лхы алалырхәит.
2024 шықәса абҵарамза 30 азы Никарагуа имҩаԥысит адунеи ажәларқәа ргастрономиеи рытрадициақәеи рцәыргақәҵа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс ацәыргақәҵа иалахәын Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа. Ацәыргақәҵаҿы иӡырган аконтинентқәа зегьы рҟынтәи 38тәылак инареиҳаны.
2024 шықәса абҵарамза 27 рзы Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов раԥхьаӡа акәны Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
2024 шықәса абҵарамза 25 азы Боливариантәи Аҳәынҭқарра Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбудсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, аибашьра аанкылареи аҭышәныртәалареи рзы Аиқәшаҳаҭра 204 шықәса ахыҵра иазку ацеремониа даҭааит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәылатәи акультура Амшқәа ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр, аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә усеицуразы Аԥсны-Шьамтәыла Аицеилак Шьамтәылатәи ахәҭа ахантәаҩы Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи.
Абҵарамза 3 азы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Муҳаммад Гази Аль-Џьалалии реиԥылара мҩаԥысит.