Ажәабжь ҿыцқәа
2025 шықәса нанҳәа 19 азы Еиду Амилаҭқәа Реидгыла аштаб-квартираҿ Ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәа реилатәара мҩаԥысит, уи 2008 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкын. Аилатәара аихшьаалақәа рыла мраҭашәаратәи тәылақәак рхаҭарнакцәа аицҳәамҭа ҟарҵеит Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара иадгыланы, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рырратә базақәа ахьыҟоу иаҿагылани.
2025 шықәса нанҳәа 15 азы, Сҭамԥыл, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу Ахаҭарнакраҿы Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи Сҭамԥыл иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аконсул Хада Андреи Буравови реиԥылара мҩаԥысит.
АҞӘА, нанҳәа 16. /ТАСС/. Урыстәылеи Америкатәи Аидгылеи рхадацәа Владимир Путини Дональд Трампи Алиаска реиԥылара иалҵшәаны атәылақәа реизыҟазаашьақәа еиӷьхап ҳәа агәыӷра ҳамоуп ҳәа игәаанагара ааирԥшит ТАСС акорреспондент диҿцәажәо ахадацәа реиԥылара ахҳәаа азҭаз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, 2025 шықәса нанҳәа 12 азы Заур Ӷәаџьаа Венесуелеи Ирани адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 75 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит. Аусмҩаԥгатә напхгара аиҭоит Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Едуардо Хиль Пинто иира Амш идиныҳәалеит.
15 August 2025 103
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Гәдоуҭа ақалақь аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Тирасполь, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакра хыбраҿы 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагара иазку атематикатә баннер зкыду амемориалтә ҭыԥ аадыртит.
14 August 2025 93
Нанҳәа 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви ҭелла еицәажәеит.
2025 шықәса нанҳәа 12 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр инапхгарала имҩаԥысыз аилатәара далахәын. Аилатәараҿы Еиду Америкатәи аштатқәа реиҳабыра Венесуела аҭагылазаашьа ашьақәҟьаразы иҟанаҵо аҽазышәара атәы иалацәажәеит.
14 August 2025 70
Иахьа, нанҳәа 14 азы, 33 шықәса ҵит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгареи аколлективи Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа рхы аладырхәит.