Ажәабжь ҿыцқәа

Хәажәкыра 30 азы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи реиԥылара. Аԥснытәи Аган ахь ала аиԥылара далахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
30 March 2023 253
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҭалареи амагистратуреи аспирантуреи рыпрограммақәа рыла аҵара аҵареи рзы аконкурстә лыԥшаара алахәхаразы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит.
30 March 2023 298
«Ҳара ишьахәуп ҳәа азаҳҳәоит Шьамтәылатәи Арабтә республикеи Саудтәи Аравиеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара, ҳара ари арегион аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рыпроцесс иахәарҭаны иаабоит.
30 March 2023 268
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрр Инал Арӡынбеи Мрагылара Ааигәа азы Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыда, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа министр ихаҭыԥуаҩ Михаил Богдановы ҭелла еицәажәеит.
26 March 2023 234 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олегу Боциев дидныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Индиа аҳҭнықалақь Дели имҩаԥысуаз абизнес-форум «Бизнес-диалог на евразийском пространстве» далахәын.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Индиа имҩаԥысуаз абизнес-форум «Бизнес-диалог на евразийском пространстве» далахәын.
23 March 2023 227
2023 шықәса хәажәкыра 21 азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
23 March 2023 453
Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак ахь адныҳәаларатә шәҟәы неишьҭит иара ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Хәажәкыра 2 азы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 57-тәи араунд аламҭалаз аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи Аԥсны аделегациеи авидеоконференциа мҩаԥыргеит Аԥсны ААР аҿы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: