Ажәабжь ҿыцқәа
8 January 2022 996
Аҵыхәтәантәи амшқәа Ареспублика Ҟазахсҭан имҩаԥысуаз ахҭысқәа даара ҳгәы арҭынчуам. Иаартны ажәылара, аимҵәарахь ииасыз аҿагыларатә акциақәа Ареспублика Ҟазахстан атәылауаа рыԥсҭазаара аԥхасҭа ӷәӷәа анаҭоит.
5 January 2022 662
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев имшира идиныҳәалеит.
30 December 2021 742
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
30 December 2021 632
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьев Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иеиҭаҟалараз адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
30 December 2021 447
УА Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко РИА Новости аинтервиу аҭо далацәажәеит Қырҭтәыла НАТО алалара иамоу алшара, Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара ҟалоу иҟамлоу иара убасгьы Аԥсны аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа Москва шахәаԥшуа атәы.
24 December 2021 589
Каракас, Боливиа ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны АҳәынҭқАрраса ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Милаҭрацәалатәи аҳәынҭқарра Боливиа ацҳаражәҳәаҩ Родриго Мишель Хоффмани реиԥылара.
20 December 2021 661
Ԥхынҷкәын 20 азы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови реиԥылара.
20 December 2021 357
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 17, 2021 шықәсазтәи идҵала Инар Ладариа Аԥсны азинмчра нагӡа змоуи иҷыдалатәуи ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп Никарагуа.