Ажәабжь ҿыцқәа
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
10 February 2026 12
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхы иақәиҭу аиқәԥаразы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡара занашьоу Рашь Хәытаба 75-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
10 February 2026 14
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Ахба Игор Мураҭ-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә ӡбарҭа аиубилеитә медал «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 30 шықәса ахыҵра» ианашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә ргылара аганахь ала илшамҭақәа рзы.
10 February 2026 12
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥгаз аныҳәатә дкылара ихы алаирхәит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адипломатиатә усзуҩ Имш идиныҳәалеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Иракли Бжьнаа иаанкылареи анаҩстәи ирбаандаҩреи ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭрала иацклаԥшуеит, урыстәылатәи аган аҟынтә иҟоу аҭагылазаашьа аилкааразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
5 February 2026 54
2026 шықәса жәабран 5 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр инапынҵақәа назыгӡо, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәбеи Ҭырқәтәылантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак, Аднан Мендерес ихьӡ зху ауниверситет (Ҭырқәтәыла) адоцент Ельчин Аӡынԥҳаи реиԥылара.