Ажәабжь ҿыцқәа
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр, аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә усеицуразы Аԥсны-Шьамтәыла Аицеилак Шьамтәылатәи ахәҭа ахантәаҩы Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи.
Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд азы
Женева ихыркәшахеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд. ЕАР, ОБСЕ, ЕХ рыцхантәаҩрала имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рхы рыладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭәыла, Урыстәыла, Еиду Америка Аштатқәа. Аԥснытәи аганахьала аиԥылара иалахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, Аԥсны АдәАР ахаҭарнакцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Жәлар ракзаара Амш азгәаҭара инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Абҵарамза 3 азы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы Муҳаммад Гази Аль-Џьалалии реиԥылара мҩаԥысит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Азеиԥш спорттә Федерациа ааԥхьарала, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа адипломатцәа IV жәларбжьаратәи атурнир “Тишринтәи амҩақәа” рхы аладырхәит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иҟаиҵаз ааԥхьарала, Каракас ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа “Имилаҭрацәоу Урыстәыла” аартра ихы алаирхәит.
Абҵара 1 азы Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа рхаҭыԥуаа Одиссеи Бигәааи Михаил Галузини реиԥылараҿы ирылацәажәеит арегионалтә шәарҭадареи жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи.
Абҵара 1 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи араунд ахь Аԥсны аделегациа анапхгаҩы Одиссеи Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысуеит.
2024 шықәса жьҭаара 30 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәыла ахада ихаҭыԥуаҩ, адоктор Фаисал Аль-Микдади реиԥылара мҩаԥысит.