Ажәабжь ҿыцқәа

24 September 2024 89
Цәыббра 24 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Сергеи Шамбеи Донбасс ацхрааразы Иаку аштаб анапхгаҩы Вадим Мироненкои реиԥылара.
2024 шықәса цәыббра 20 аҽны Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аомбундсмен Альфредо Хосе Руиса Ангуло инаԥхьарала Жәларбжьаратәи аҭынчра Амш амҩаԥгара далахәын.
20 September 2024 55 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит ааҳәынҭқарратә ныҳәа – Аахыҵ Уаԥстәыла Амш азы
2024 шықәса цәыббра 19 азы Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр еиҿнакааз астол гьыжь «Аԥсны ишәарҭадоуи иҭышәынтәалоуи аҿиара аԥеиԥшқәа рыԥшаараҿы» аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба «Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара адәныҟатә факторқәа» атемала иқәгылара
19 September 2024 111
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа раԥхьа иргыланы ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз, ауадаҩрақәа зхызгаз, Қырҭтәыла ихнартыз аибашьра иалҵыз аиашьаратә жәларқәа реизыҟазаашьоуп. Ақырҭуа агрессор Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа дыриааирц иҽшазишәазгьы дара ирылшеит уи ииааира.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Мексикатәи еиду аштатқәа Рыцҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Мексика ахьыԥшымра Амш 214-шықәса ахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә концерт.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Малаизиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала ихы алаирхәит Малаизиа ахьыԥшымра 67-шықәса ахыҵреи Малаизиа Амш 61-шықәса ахыҵреи рзы еиҿкааз аныҳәатә уснагӡатә.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Деиси Торрес Боске инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра рылаҳәара Амш аҽны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа амҩаԥгара далахәын.
17 September 2024 98
Цәыббра 17 2024 шықәсазы иҵуеит 16 шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра азхьаԥшра анаҭоит Қырҭтәыла Қырҭтәыла анапхгаратә партиа "Грузинская мечта" ахантәаҩы Биӡина Иванишвили Қырҭтәыла амчрақәа жьҭаара 26 рзы имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа рҟны риааира ашьҭахь 2008 шықәсазтәи аибашьразы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рҿаԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵаразы амчқәа шырыԥшаауа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: