Ажәабжь ҿыцқәа

Жьҭаара 13 азы Манагуа имҩаԥган зуалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз афырхацәа Раллеиа аартра.
Аинтеграциатә процессқәа, арра аусхкгьы налаҵаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра иасувенертә ҭахраны иҟоуп рылахәра.
Тирасполь имҩаԥган 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира 30 шықәса ахыҵра амшныҳәа иазкны агәырӷьаратә еизареи аконцерти.
Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Каракас ақалақь Амилаҭтә пантеони Симон Боливар имузеии рҟны имҩаԥыргеит ауснагӡатә.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Гондурас ахьыԥшымра 202-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Гондурас ацҳаражәҳәаҩ Скарлет Ромеро инаԥхьарала цәыббра 15 рзы.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра 202-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылархәит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Даиси Торрес Боскес инаԥхьарала цәыббра 15 рзы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра Амш инамаданы адныҳәалара ҟанаҵеит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи алкааҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа далахәын Ареспублика Никарагуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә церемониа.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнаӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Барбадос Ахаҭарнакра ааԥхьарала иҽалаирхәит «Африка амшныҳәа» амҩаԥгара.
Аԥсны АдәАР ахада иааԥхьараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит  нанҳәа 26 азы  ишыҵуа 15 шықәса Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аҳәынҭқарратә суверинитет азханаҵеижьҭеи.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: