Ажәабжь ҿыцқәа
Ирантәи ақалақь Ахваз аҿы аҭыԥ змаз атеррористтә акт инадҳәаланы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Аислам Республика Иран Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Ахьыԥшымра амш инамаданы
Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра, Геннади Гагәылиа иуацәеи иҭынхацәеи рыхьӡала адышшыларақәа аауеит иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа машәырла иҭахара инамаданы.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдашшылоит машәырла иҭахаз Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иҭаацәа, иуацәа, иҭахцәа.
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сандинисттәи ареволиуциаҟны аиааира 39 шықәса ахыҵра иазкны Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа 2 6шықәса ахыҵра инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.