Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Аконституциа амш азы адныҳәалара нанашьҭит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.
9 November 2022 269
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Урыстәыла ҿыц змаҵура иахагылаз Шьамтәылатәи Арабтә республика ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит. Аиԥылара мҩаԥысит Москва иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәынҭқарратә ныҳәа – Жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы азынанашьҭит аштат Арагуа аҭыԥ змаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны хыԥхьаӡара рацәала аԥсыҭбарақәа рыҟалара инадҳәаланы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика амш инадҳәаланы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит ҳреспублика азхарҵеижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амш рыдныҳәало.