Ажәабжь ҿыцқәа

22 January 2021 616
Ажьырныҳәа 22 1993 шықәса рзы анапы аҵаҩын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Молдавиатәи Приднестровиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Ари адокумент уасхырс иаиуит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьа шьахә, ахы акит атәылақәа рыбжьара аусеицура арҿиара.
20 January 2021 504
Ажьырныҳәа 20 рзы Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр я Витали Игнатьев дидикылеит Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс иҟоу Александр Ватаман.
18 January 2021 397 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 14-шықәса аҵра.
12 January 2021 665 Анотақәа
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ателеграмма изааишьҭит COVID-19 здырбалаз иколлега – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.
30 December 2020 584 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови адныҳәаларақәа еимырдеит Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рыламҭалаз.
2021 шықәса рзы Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистра аԥырҩы дызҭам аибашьыгеи аԥшыхәратәи хархәагақәа раахәара шазыԥхьагәанаҭо атәы иҳәеит арратә усбарҭа ахада Гарибашвили. Иара убасгьы иҳәеит Қырҭтәыла аҳауаҽацәыхьчаратә система арҿыцразы Израили дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы шаҵаҩу.
Аинышәареи аграждантә еиҟарареи рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аминистр Теиа Ахвледиани ажәадгала ҟалҵеит «азеиԥш интересқәа азхьаԥшра рыҭаны аусеицуреи иформалым адиалоги рыплатформа ырҭбаазарц аԥсуеи, ауаԥси, ақырҭуеит уаԥшьқәа рыбжьара». Лара лажәақәа рыла Қырҭтәыла адиалог иацәхьамҵыц иуадаҩу коронавирустә пандемиа аамҭазы. Лара лгәаанагарала ари апроцесс иацҵахоит, еиҳагьы аҽарҭбаауеит.
16 December 2020 863
2020 шықәса ԥхынҷкәын 10-11 рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд. Иара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәа, ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩцәа. Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
16 December 2020 738
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ахада Вадим Красносельски 2020 шықәса ԥхынҷкәын 10 рзы инапы зҵеиҩыз аусдҵа инақәыршәаны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба амедал «Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика 30 шықәса ахыҵуеит» ианашьоуп активла Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ашьақәгылареи, ахьчареи, арӷәӷәареи дахьрылахәу азы.
Ԥхынҷкәын 11 рзы Қырҭтәыла Апарламент аҿы Қырҭтәыла ахада С. Зурабишвили «аоккупациа зызуу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи арегионқәа рҿы инхо аԥсуеи ауаԥси уааԥсыра» рзааигәахара алыршаразы азнеишьа ҿыцқәа ԥшаатәуп ҳәа ааԥхьара ҟалҵеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: