Ажәабжь ҿыцқәа

06.06.2021 825 Анотақәа
Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Альберто Арреаса Монсеррат имшира идныҳәалеит. 
04.06.2021 981 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили Ҭырқәтәыла иҟазаараан «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи реимак ҭынчымҩала аҭыԥ иқәҵатәуп Қырҭтәыла акзаара аҳәаа иҭагӡаны» ҳәа ииҳәаз оумашәа ибаны иазхьаԥшит.
29.05.2021 564 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымраз Акт адкылара амшаз
29.05.2021 681
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи арабтә республика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи арабтә республикеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара х-шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
28.05.2021 577 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла адипломат Имш инамаданы.
26.05.2021 431
Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада иалхра мҩаԥысуеит иахьа, лаҵара 26 рзы. Аԥсны ахаҭарнакцәа алхрақәа рымҩаԥысшьа жәларбжьаратә наԥшыҩцәак рыҳасаб ала иахылаԥшуеит. Анаԥшыҩцәа неины иҟоуп иара убасгьы Урыстәылантә, Алада Уаԥстәылантә, Китаинтә, Иранынтә, Иракынтә, Беларусиантә.
25.05.2021 560
Лаҵара 21 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит онлаин-еиԥылареи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспубликеи руаажәларратә палатақәа рыбжьара аилибакаареи аусеицуреи рзы Амеморандум анапаҵаҩреи.
21.05.2021 1046
Лаҵарамза 21 амш аҽны Нхыҵ Кавказ иқәынхоз ажәлар – Кавказтәи аибашьра атрагедиа ду иазрыцҳахақәаз, насгьы Кавказ ажәлар мчылаҵәҟьа иахцаз, ари ахҭыс шәнызықьҩыла аџьамыӷәа иақәшәнараз шәҿаԥхьа ҳхырхәоит, зылҵшәала ҳажәлар Амшын еиқәа наҟ-ааҟ рыла еиҩшахаз аилкаара шәыцеиҩаҳшоит.
Лаҵара 5 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аминистр Даур ақаҩба идикылеит Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахада Маттиас Ваинраихи иара Аԥсны дзыԥсахраны иҟоу амиссиа иахадахо Натан Раиеси.
25.04.2021 858 Анотақәа
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы мшаԥы 25 рзы Шьамтәыла иҟоу Асултанат Оман азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Турки Бен Махмуд Аль-Бусаиди Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи еиԥылеит.
Германиа аканцлер Ангела Меркель аҩаша, ПАСЕ асессиа алахәылацәа рахь лвидеоҳәамҭаҿ агәҭынчымра аалырԥшит Белоруссиа, Украина Мрагыларатәи ахәҭа, Ҟрым уҳәа Аԥсны назлоу егьырҭ адунеи арегионқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы.
17.04.2021 545 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа русқәа рзи аминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ахьыԥшымра амш 75-шықәса ахыҵра инамаданы.
09.04.2021 757
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы мшаԥы 9 рзы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу МККК амиссиа ахада Маттиас Ваинраихи реиԥылара.
08.04.2021 599 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа адкылара амш 20 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Урыстәылеи Аԥсни Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Альба Асусена Торрес Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
Хәажәкыра 25-26, 2021 шықәсазы Женева имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 52-тәи рраунд. Иара иалахәын: Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, ЕАА, ООН, ОБСЕ, ЕС аҟынтәи ацхантәаҩцәа.
26.03.2021 525 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла  ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев имшира идиныҳәалеит.
15.03.2021 1230
Хәажәкыра 15 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Дамск диԥылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Иементәи аԥсылмантә республика ацҳаражәҳәаҩ Абдулла Али Сабри.
15.03.2021 1000 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидныҳәалеит.Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
15.03.2021 975
Ҳаҭыр зқәу Даур Вадим-иԥа! Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: