Ажәабжь ҿыцқәа

Жәабран 26 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбундсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аусбарҭа аԥҵара 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара ихы алаирхәит. Адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа Хосе "Чино" Канта ихьӡ зху Каракас иҟоу ауааԥсыра рҵареи рыԥсшьареи рзы Амилаҭтә Институт (Incret) аудиториаҿы имҩаԥысуаз аконцерт иаҭааит.
Ареспублика Никарагуа атәылахьчара Аминистрра ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатәии азинмчранагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Сезар Абилес Кастильо иҭоубашьҭаҵара ацеремониа далахәын.
Жәабран 21 азы Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин, Тиргартен апарк аҿы иҭахаз асоветтә еибашьцәа рмемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа лхы алалырхәит.
Жәабран 20 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасарови Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа арратә атташе, аполковник Сергеи Надежкини рнаԥхьарала Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз адкылара далахәын.
Жәабран 20 азы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман, Приднестровие адәныҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз ааԥхьарала, ПМР адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳасабырбатә коллегиа аилатәара ихы алаирхәит. Аусмҩаԥгатә онлаин аҟазшьала имҩаԥысит.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов инаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аныҳәатә-дкылара ихы алаирхәит.
Ажьырныҳәамза 24 рзы, Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Боливиа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра ашьаҭаркра Амш иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви, ПМР Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы наӡа змоу ахаҭарнак Александр Ватамани, ПМР Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит.
Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 20 рзы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика актәи Ахада икабинет аҿы Игор Смирнови Приднестровиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани реиԥылара мҩаԥысит.
2025 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала, Венесуела иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Аҳәынҭқарра Ахада Николас Мадуро Морос атәылахь есышықәса иҟаиҵо ааԥхьаратә уснагӡатә ихы алаирхәит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: