Ажәабжь ҿыцқәа

Дубоссари ақалақьи араиони ауааԥсыра рыԥсадгьыл рыхьчон 1990 - 1992 шықәсқәа рзы. Аԥсны азы ихьанҭаз амшқәа раан урҭ аганахь имгылакәа Аԥсны ацхырааразиааит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы ақәԥараз.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев адипломат идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. «Иахьа ҳаиашьаратә республика, Аԥсны ажәлар иазгәарҭоит рныҳәа хада - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ҳара Аԥсныҟа адныҳәалара ҳашьҭит. Иаҳҭахуп шәаргьы ҳшәыдныҳәаларц, Аԥсны ажәлар  рҟынӡа иҳазнажәгарц ҳажәа ҟәандақәа, иҟаҳҵо азеиӷьашьарақәа» ҳәа иҳәеит Алан Гаглоев.
2024 шықәса цәыббра 25 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Саудтәи Аравиа Акралра Амилаҭтә мшы 94-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз ауснагӡатә ихы алаирхәит.
2024 шықәса цәыббра 20 аҽны Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела аомбундсмен Альфредо Хосе Руиса Ангуло инаԥхьарала Жәларбжьаратәи аҭынчра Амш амҩаԥгара далахәын.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Мексикатәи еиду аштатқәа Рыцҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ихы алаирхәит Мексика ахьыԥшымра Амш 214-шықәса ахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә концерт.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу алкааҷыдеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Малаизиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала ихы алаирхәит Малаизиа ахьыԥшымра 67-шықәса ахыҵреи Малаизиа Амш 61-шықәса ахыҵреи рзы еиҿкааз аныҳәатә уснагӡатә.
Цәыббра 16 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа азинмчнагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Деиси Торрес Боске инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра рылаҳәара Амш аҽны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа амҩаԥгара далахәын.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҟны Ареспублика Никарагуеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә дкылара мҩаԥысит цәыббра 10, 2024 шықәсазы.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али ихы алаирхәит Дамаск Саудтәи Аравиа Ацҳаражәҳәарҭа аусура аиҭахацыркраз адкылара
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аԥсуа-адыга диаспора аҟынтәи ашколхәыҷқәа рзы агәыҳалалратә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит. Кудсиа араион аҿы аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы, алагарҭатәи аҽазыҟаҵаратәи аклассқәа рҿы итәоу 150-ҩык ахәыҷқәа ашколтә маҭәахәқәа рыҭан. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ахәыҷқәа рҵараҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьеишьеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: