Ажәабжь ҿыцқәа
Цәыббра 3 азы Цхинвал, Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев Цхинвал, Беслантәи арыцҳара 20 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа дрылахәын.
2024 шықәса цәыббра 2 азы Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи Ареспублика Никарагуа Арратә мчқәа рышьаҭаркра 45 шықәса ахыҵра
аныҳәа иалахәын.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аисламтә Республика Пакистан азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Шахид Ахтар инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али далахәын ақалақь Хомс Аисламтә Республика Пакистан аҳаҭыртә Консулра аартра.
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәыла ааглыхратәии ахәаахәҭратәии сектор ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Ливантәи Ареспублика уаанӡатәи аԥыза-министр, адоктор Салим Ель-Хосс иԥсҭазаара иалҵра инадҳәаланы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск иҟоу Ливан Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит, Ливантәи Ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа аусқәа аамҭала знапы иану Талал Дахер дидашшылеит.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Дамасктәи ауниверситет аректор, апрофессор Муҳаммад Усама Аль-Џьаббани аиԥылара мҩаԥыргеит.
Нанҳәа 15 азы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы Хатәгәаԥхарала аибашьҩы Имш азы адкылара мҩаԥган.
Америка Агәанытәи арегион аҿы иреиҳаӡоу Жәларбжьаратәи афестивальқәа иреиуоу «Акультуреи аҟазареи агастрономиеи Жәларбжьаратәи рфестиваль» мҩаԥысит Ареспублика Никарагуа нанҳәамза 3 – 4 рзы.
Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрра Адипломатиатә институт адиректор, ацҳаражәҳәаҩ Имад Мусҭафа инаԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Алии Ацҳаражәҳәарҭа абыжьгаҩ, аконсул Гаис Аль-Харкии шьамтәыла-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа 80 шықәса рхыҵра иазку асеминар иалахәын.